АҞӘА, ажьырныҳәа 18 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Гәылрыԥшь араион ақыҭа Безымиановка инхо ахаҵа ажьырныҳәа 17 рзы уаҩ дызхыламԥшуаз аргылараҿ ибеит 1992-1993 шықәсқәа рзтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра ахаантәи амина.
Абри атәы Sputnik иазаанацҳаит АҶА апресс-маҵзура.
Ахаҵа иибаз азы Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩцәа адырра риҭеит. Аҭыԥ ахь инеиз АҶА аусзуҩцәа амина аполигон ҷыдаҿ еиҵырхуеит.