Ажьырныҳәа 21 ауха Амза атыҩ иакуеит

Урыстәыла европатәи ахәҭаҿы ашьыжь заанаҵы иубарҭахоит Амза атыҩ ишакуа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 — Sputnik. Ҟрымтәи астроном Александр Иакушечкин еиҭеиҳәеит 2019 шықәса рзы раԥхьатәи амзатыҩкра шымҩаԥысуа ажьырныҳәа 21 ауха. Урыстәыла акәзар, европатәи ахәҭаҿы ашьыжь заанаҵы иубарҭахоит Амза атыҩ ишакуа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит: амреи амзеи атыҩ ианакуа имҩаԥырго аҵасқәа

"Ажьырныҳәа 21 ашьыжь иубарҭахоит амзатыҩкра. Иара аамҭала сааҭк инеиҳаны ицоит - 62 минуҭ. Амш бзиаханы ажәҩан цқьахар амзатыҩкра убарҭахоит атәыла аҩадатәи ахәҭаҿи Мрагылара харатәи ахәҭаҿи", - ҳәа еиҭеиҳәоит Иакушечкин.

Астроном Ҟрымтәи аҭагылазаашьа далацәажәо иҳәеит ашьхаартә ҭаԥқәа рҿы еиҳа ишубарҭахо.

"Амза алаԥшҳәаа иахысуеит асааҭ 8:21 мск,рзы, Амра акәзар уи аԥхьа быжьминуҭк игылоит. Асааҭ 8:12 рзы Амза Адгьыл ашәшьыра иҵахоит, аха убри аамҭаз алаԥшҳәаа ахықә ихықәгылоуп. Ахҭыс еиҳа еиӷьны абара алшоит ақалақь лашарақәа ирцәырхараны. Ашьхаратә ҭыԥқәа рҿы" ҳәа иҳәоит иара.

Ҳаԥхьаҟа Амза атыҩ иакраны иҟоуп 2019 шықәса ԥхынгәы 16-17 рзы. Аха усҟан атыҩ иакуа Амза ахәҭак ауп.