Шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит: амреи амзеи атыҩ ианакуа имҩаԥырго аҵасқәа

© AP Photo Keith LadzinskiСолнечное затмение
Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажәларқәа пату зқәырҵоз, иахьа уажәраанӡагьы пату зқәу, изыхӡыӡаауа жәҩантә цәырҵрақәаны иҟоуп амреи амзеи. Уи ус шакәу шьақәдырӷәӷәоит ажәларқәа жәпакы рҿы еиқәхаз, иахьанӡа иааӡаз арҭ ажәҩантә цәырҵрақәа рыхьчара иазку аҵасқәа.

Сусанна Ҭаниаԥҳа, Sputnik

Аха иҟалалоит аԥсабараҿ амреи амзеи атыҩ (затмение — аред.) ианакуа. Жәытәла аԥсуаа атыҩ адунеи зырлашьцарц иашьҭоу, ацәгьара ҟазҵарц зҭаху, иҵоурам хаҿсахьоуп ҳәа иршьон.

Солнечное затмение - Sputnik Аҧсны
Аԥсҭазаара иасимволқәоу: амреи амзеи ирыдҳәалоу амифқәа

Уахынла жәҩанахьтә икәалыкәаџьо адгьыл иқәыҷҷоит амза. Иара акультурақәа зегь рҟны иҵоуроуп. Уимоу алашьцара анахаԥалак иеихысны "ахцара" аҵас змаз ажәларқәа рацәаҩын, урҭ иреиуан: адыгақәа, ачеченцәа, аингәышцәа, азербаиџьанцәа уҳәа. Атыҩ амза амариа анаиулак илбаанадарц аҽазнакуан. Аха атәы здыруаз аԥсуаа агәҭакы анагӡаха амҭакәа аҟәҟәаҳәа иеихысуан. Агәра ргон "шә-хык рахьынтә хык ақәшәоит", нас амза ахы иақәиҭхоит ҳәа.

Иҟоуп амра атыҩ ианакуа. Уи иазкны аҵарауаҩ, амифолог Цира Габниа абас лыҩуеит:

"Ҽынла, уахынла еиԥш еиқәылашьца ианыхәло, Амра Атыҩ иакуеит. Атыҩ иафон иаанмыжькәа, аха ауаа аҟәҟәаҳәа ихысуа ианалагалак, зқьы хы рҟынтә акы уа иҩеиуеит. Убра амраҿ ицәоу ала аанарԥшуеит. Ала ашра ианалагалак, Атыҩ шәоит, Амра аунашьҭуеит. Адгьылгьы аашоит".

Г. Ф. Чурсин излаиҩуаз ала: "Амреи амзеи рыхьчаразы аҟәҟәаҳәа ахысра ҭарымҵар, уи ацәыршәага амза (амра) иаҟәырымцар илбаанадоит, мамзаргьы амза цәыӷьӷьа – цәыԥԥны ажәҩан иалырҩны икаҳауеит".

Русалка и инструктор по подводному плаванию Лучиана Фузетти тренируется на островах Тийкуса в Рио-де-Жанейро, Бразилия - Sputnik Аҧсны
Ӡаҳкәажә, ма ахьы ӡаҳкәажә: ӡыӡлан лхаҿсахьа амифқәа рҿы

Афольклорист С. Л. Зыхәба иазгәеиҭон:

"Аԥсуаа рмифтә дунеихәаԥшышьа злаҟаз ала, амра, ма амза атыҩ ианаклакь, амаҭқәа рыҭра иҭыҵны ипланы ауааи арахәи ирыжәларц иалагоит. Убри аҟнытә аҩнқәа, ауҭрақәа рҿы атыҩша (сера) карԥсон. Амаҭқәа атыҩша фҩы иацәшәоит, афҩы рзычҳауам ҳәа ирыԥхьаӡон. Атыҩ амреи амзеи рымацара ракәым ауаагьы, аԥстәқәагьы, адунеи зегьы алашьцара ицәыҵанацаларц иашьҭоу акы оуп".

Аиашаз, атыҩ аҭеиҭыԥш шыҟоу изеиԥшу ҳәа инҭкааны аӡәы иуеиҳәом, избан акәзар, агәаанагарақәа еиԥшым. Иара иеиԥшныршьалоит: зсаса еихҳәоу агәылшьаԥ ҿаасҭа, атыҩ мышьҭацәгьа дуӡӡа, дыԥҳәызбоуп ҳәагьы агәаанагара ыҟоуп. Атыҩ дахьԥҳәызбоу ҿырԥштәыс иаагозар, ирҳәоит уи даныхәыҷыз инаркны дгызмалын ҳәа. Абга дақәтәан. Лааигәа – сигәа инхоз ауаа рырахә лфон, аха лыԥсы ҭәуамызт. Уимоу лашьа Раҵәа дылфарцгьы ақәылкхьан.

С. Л. Зыхәба ишәҟәы "Аԥсуа мифологиа" аҿы иаҳәоит:

"Раҵәа хымз дахьныҟәахьаз, лара хымш рыла дизааигәахеит. Раҵәа иаҳәшьа дышишьҭаз аниба, ихы дышзахәоз деихеит ԥхьаҟа, аха ларгьы тәамҩа ҟамҵаӡакәа дишьҭан дылфарц. Ари аҷкәын дшыгәнаҳахаз Анцәа ажәҩан аҟнытәи дылбааԥшны дибеит. "Аҷкәын аиааира умазааит, умрахо уԥхо уҟалааит", – ҳәа диқәныҳәеит. Раҵәагьы дымраха дааҟалеит".

Ажәабжьқәа зегьы
0