Арадио

Цәышба: Аԥсны Анцәа иӡаахра амш аҽны аҵаа ҟалом

Аԥсны Аҳәынҭқарра аекологиеи аԥсабарахьчареи рзы аҳәынҭқарратә еилакы аҳауеи аӡқәеи ргәаҭара аҟәша аиҳабы Амир Цәышба арадио Sputnik Аԥсны иаиҭаз аинтервиу аҿы иҳәеит Аԥсны Анцәа иӡаахра амш аҽны аҵаақәа ҟало иҟамло атәы.
Sputnik

"Макьана ааигәа асы ауӡом, аха ажьырныҳәа анҵәамҭазы ԥықәшәаларақәак ҳамоуп илеирҟалоит ҳәа. Ахьшәашәарақәа ракәзар, 0 градус рҟынӡа илаҟәыр ҟалоит, аха ҽынла иаҳа-иаҳа аҳауа аԥхарра иацло иалагоит, 10-13 рҟынӡа. Ажьырныҳәа 19 рзгьы амш бзиахоит. Аҵаа ҟалаӡом, аӡы зыҽӡаазхыр зҭаху аҵаа рԥырхагам", - ҳәа азгәеиҭеит Цәышба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.