Ҟрымтәи ацҳала адәыӷбақәа аныҟәара ианалаго арыцхә ҳәоуп

"Ҟрымтәи аихамҩақәа" рдиректор хада Алексеи Гладилин аҳәамҭа ҟаиҵеит абилетқәа рыҭира азыԥхьагәаҭоуп 2019 шықәса ԥхынҷкәын 9 инаркны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 18 - Sputnik. Асанатортә-курорттә комплекси атуризми рзы Ареспублика Ҟрым аҳәынҭқарратә хеилак аилатәараан иазгәаҭан адәыӷбатә мҩа аартхоит 2019 шықәса ԥхынҷкәынмзазы ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит АТОР.

Ҟрыми Донбасси рыбжьара раԥхьатәи аиқәшаҳаҭрақәа напы рыҵаҩхоит

Ҟрымтәи ацҳа анаадыртуа аламҭалаз аусура хацдыркуеит амаршрутқәа: Москва — Симферополь, Москва — Севастополь, Москва — Евпаториа, Москва — Феодосиа, Санкт-Петербург — Севастополь, Санкт-Петербург — Евпаториа, Мурманск — Симферополь, Екатеринбург — Симферополь, Брианск — Симферополь, Кисловодск — Симферополь.

Иазыԥхьагәаҭоуп 2020 шықәса рзы адәыӷбақәа рыла Ҟрымҟа инеиуа апассаџьырцәа рхыԥхьаӡара шықәсык аҩныҵҟа 2,6 миллион рҟынӡа инаӡап ҳәа, 2025 шықәса рзы — 4,1 миллионҩык.

Атуроператорцәа ргәаанагарала ишиашоу Ҟрымҟа ицо адәыӷбамҩа иалнаршоит атуристцәа раара аизҳарагьы.