Арадио

Габуниа еиҭеиҳәеит апатенттә система анаплакцәа рзы феидас иалоу атәы

Ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Гьаргь Габуниа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭеиҳәеит ажьырныҳәа 1, 2019 шықәса инаркны Аԥсны иалагалоу апатенттә система закәу.  
Sputnik

"Апатенттә системазы азакәан ишьақәнаргылоит анаплакцәа русура. Зхала аус зуа иахҳәап, ахцәыҟаҵаҩцәа, зхала атауар ааганы адәқьан иҵагылоу, ажәакала, ауаа адымгалакәа аусура иаҿу зегьы. Иара уаанӡа абас еиԥш иҟоу аусурақәа иҳәаақәызҵоз закәанс иҳамаз ашәахәтә ҷыда иазку азакәан ауп. Уажәы азакәанԥҵара иалагалоу аԥсахрақәа ирыбзоураны азакәан ҷыда аҟнытә иалганы иҿыцу асистема, апатенттә системахь иигоуп. Анаплакҩы апатенттә система иақәшәо днеироуп иара аинспекциахь, иҟоуп ишьақәырӷәӷәаны апатент аҭашьа аԥҟарра, убри аныҟаиҵалак ашьҭахь иԥхьаӡаны ирҭоит ишәарц зыхәҭоу ашәахтә, апатент ахә анишәалак ашьҭахь иҭахоит абланк. Дарбанзаалак илшоит иҭел ихы иархәаны ишәахтәқәа шәоу, ишәаму аилкаара. Апатент аҿҳәарас иамоуп мызкы инаркны шықәсык аҟынӡа", -ҳәа азгәеиҭеит Габуниа.    

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.