Арадио

Табаӷәуа дырзааҭгылеит Аԥсны ахада иалхразы азакәан иалагәалатәу аԥсахрақәа

2019 шықәса рзы Аԥсны имҩаԥсыуеит атәыла ахада иалхрақәа. Иаҭахума алхратә система аԥсахрақәа ралагалара? Абри азы игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" асас, Жәлар реизара адепутат Баҭал Табаӷәуа.
Sputnik

"2014 шықәса рзы Аԥсны Жәлар реизараҿы Аԥсны ахада иалхразы азакәан аԥсахрақәа аларгалеит ирацәаны. Уи ҟазҵоз ргәы иаанагон алхрақәа раан ирыхәоит ҳәа. Иаҳҳәап, анацәкьыс ашәра, амҳәыр аархара ақәгара. Азакәан иахәаз ҳәа аԥсахра ҟарымҵеит. Амҳәыр залаҳгалаз, уи агәра унаргоит ауаҩы ҽаџьара ибжьы шаимҭо. Амҳәыр атәылауаҩы аԥхасҭа инаҭоит ҳәа ирҳәоз садгылам. Сгәы иаанагоит уи ыргьежьтәуп ҳәа", - азгәеиҭеит Табаӷәуа.   

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.