"Ҳансамбль алахәыла зегьы иреиҵбу хәышықәса ихыҵуеит. Акәашаҩцәа зегьы хаҭа-хаҭала рызнеишьа аҭахуп, аӡәы ирӷьеҩны иаҳәатәуп, даҽаӡәы ирхааны. Ҳәарада, схәыҷқәа зегьы бзиа избоит, аха аҵара анырҵо дара сареи ҳаиҩызцәам. Ансамбль ахьӡала иҟоуп ааԥхьарақәа, аха ҳцара-ҳаара зегьы аҭаацәа роуп зхахьы изго аҟнытә, ус имариам ҳтәыла анҭыҵ аицлабрақәа ҳхы рылаҳархәыртә еиԥш аиҿкаара. Иахьазы ансамбль жәа-кәашарак амоуп, еиҭа иацысҵап ҳәа сгәы иҭоуп, уажәы ҿыцны иаҳҵоит Акушинтә кәашара. Ирцәыцәгьоуп, ҳәарада, аха иқәҳаргылап ҳәа сгәыӷуеит", - ҳәа азгәалҭеит Чачибаиаԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.