Арадио

Џьениа асахьаҭыхыҩцәа реидгыла аԥҵара иазкны: хҭыс дуун ҳдоуҳатә культура аизырҳараҿы

80 шықәса раԥхьа Аԥсны иаԥҵан асахьаҭыхыҩцәа реидгыла. Уи ахҭыс шыҟалази, ҵакыс иамази, Аԥсны раԥхьатәи ацәыргәақәҵа анеиҿкаази атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит  асахьаҭыхыҩцәа реидгыла ахантәаҩы Витали Џьениа.
Sputnik

"Аԥсуаа ҳдоуҳатә культура аизырҳараҿы асахьаҭыхыҩцәа рхеилак ашьақәгылара даара акыр зҵазкуаз хҭыс дууны иҟалеит. 1935 шықәса рзы Занҭариа иаԥшьгарала, аурыс сахьаҭыхыҩцәа Аԥсны иҟаз адыԥхьаланы еиҿикаауеит аҵараиурҭа. Анаҩс ауп ианаԥҵаз ахеидкылагьы, Қырҭҭәыла ҳалан аҟнытә, афилиалҵас иаԥҵан. Асахьаҭыхра ашкол аартраҿы, ахеидкыла аԥҵараҿгьы илагала рацәоуп Алықьса Чачба. Аидгыла аиҿкаараҿы даара лџьабаа рацәан Марина Ешԥҳа, лара лоуп раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа реидыгала напхгара азҭоз. Лара ҳаҭыр ду зқәыз лакәын, лҟазара аҩаӡарагьы ҳаракын", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.