Арадио

Салаҟаиа еиҭеиҳәеит ԥсҳәаа аурыс мчқәа ирҿагыланы рықәгылара шыҟалаз атәы

1859 шықәса, ажьырныҳәмазазы ԥсҳәаа аурыс мчқәа ирҿагыланы ақәгылара мҩаԥыргеит уи иахылҿиааз ахҭысқәа ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ААУ Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра адоцент Сослан Салаҟаиа.
Sputnik

"Аԥсны Урыстәыла иадлеит 1810 шықәса рзы, аха уи аԥхьа аурыс ар аиҳабыс Аԥсны иҟаз Меликов иҳалон "ара ак ҟалар ҳақәҵыр акәхоит" ҳәа, убри ҟамларцаз ирыӡбеит рымч дырӷәӷәарц. Ԥсҳәаа аурыс имчқәа аҿагылара рырҭартә еиԥш алшара рымазшәа ргәы иабеит, избанзар ақыҭахь анеира цәгьан. Ԥсҳәы ақәгыларақәа аныҟала, аинрал Меликов инапхгарала еизган ар. Ааԥсҭа аиҩхаала изымнеит, аха Ԥсҳәы аганахьала ахысра иалагеит. Ԥсҳәаа Аацыҟа иааит, уаҳа ҳарҿагылом ҳәа уи ашыкәсан акгьы рзеиҿымкааит. Ԥсҳәы Кавказтәи аибашьра ианалга иҭацәит, аӡәгьы даанымхеит. Уажәы аӡәык-ҩыџьак аԥсуаа нхозаргьы, аибашьра ҟалаанӡа уа аԥсуаа нхомызт", - ҳәа еиҭеиҳәеит Салаҟаиа.      

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.