Урыстәыла атәылауаҩ Маслов дыршьит ҳәа агәҩара зызрымоу ауаа аанкылоуп

Кострома ақалақь иалҵыз Михаил Маслов, хәышықәса раԥхьа аамҭала нхара ҳәа Тамшьҟа иааз, дшьын 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 21– Sputnik, Бадри Есиава. Кәтол ақыҭа ауааԥсыра ҩыџьа аанкылоуп Тамшь ақыҭан иҟалаз ауаҩшьра инамаданы, дара рҿахәы рҿырхуеит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны апрокурор хада ауаажәларра рымадаразы ицхырааҩ Даур Амҷба.

Аԥсны инхо аурысцәа реилазаара ааԥхьара ҟанаҵеит иҟалаз ашьра ҭҵаазарц

"Кәтол ақыҭа ауааԥсыра ҩыџьа аанкылоуп. Дара ахара рхахьы иргеит. Рҿахәы рҿыхуп", - иҳәеит Амҷба.

Кострома ақалақь иалҵыз Михаил Маслов, хәышықәса раԥхьа аамҭала нхара ҳәа Тамшьҟа иааз, дшьын 2019 шықәса ажьырныҳәа 14 рзы. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, абџьар зкыз ҩыџьа ауаа асабардақәа рҿаҵаны Масловаа ахьынхоз аҩнахьы инеит. Ацәгьоуцәа Михаил Маслов ишьапы иаеихсит. Иоуз ахәра иахҟьаны Маслов иԥсҭазаара далҵит. Иԥшәмаԥҳәыс – Татиана Маслова лхәыҷқәа ҩыџьа лыманы Аԥсны дыҟоуп.