"Шәарах Ԥачалиа ипиеса "Мазлоу зегьы злоу" ала аспектакль аус адулара ҳаҿуп. Иара залаҳхызгьы, ипиесақәа актуалра рыҵоуп азоуп. Иахьа изҩаны иҳалоу акоррупциа иазкуп. Ҳара ҳахиоуп, амза 28 рзы ахәаԥшцәа ирыдаагалоит ақәыргыламҭа ҿыц. Мазлоу ихаҿсахьа ааирԥшуеит Оҭар Адлеиба, иқәманшәалахеит ҳәа сгәы иаанагоит. Апиесеи иара аспектакли ззаҳкыз аԥсҭазаараҿы аԥыжәара иаҳа-иаҳа изауа акоррупциа ауп. Азҵаара ду ааҳарԥшуеит, аилак хәыҷы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа ала", - ҳәа азгәеиҭеит Сангәлиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.