"Ари аамҭа иалагӡаны ҳара ҳахь арзаҳал рҩит аиҿкаара "Сакьан". Дара ирҭахын 2,5 гектар адгьыл Гәылрыԥшь араион иахьаҵанакуа. Аминистрцәа Реилазаара азин рырҭеит адгьыл ахархәаразы. Макьана, аусурақәа ирыламгац, аха аиҿкаара аусурақәа рхацыркразы ишеиқәшәо атәы адырра ҳамоуп. Чхалҭа азааигәара иҟоуп аӡҵәыҵәы, уи аҭып ауаа радыԥхьалара ргәы иҭоуп. Апроект аинтерес аҵоуп, ауаа ргәабзиара аиҭашьақәыргаларазы ихәарҭахоит. Араҟа абна ахьчара иаҵанакуа аԥҟарақәа зегьы хшыҩзышьҭра рыҭахоит, абна ашәарҭара иҭагылахом", - ҳәа азгәалҭеит Ҭарԥҳа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.