Аԥснытәи абреик-кәашаҩцәа Шәачатәи ачемпионат аҿы аиааира ргеит

Бреик-данс азы ачемпионат "Full house battle" мҩаԥысуан Шәача ақалақь аҿы, ажьырныҳәа 20 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 23 – Sputnik. Аԥснытәи акәашаҩцәа актәии аҩбатәии аҭыԥқәа ааныркылеит ачемпионат "Full house battle" аҿы ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит ачемпионат алахәыла Мадина Қәҭелиаԥҳа.

"Ачемпионат иалахәын 150-ҩык рҟынӡа акәашаҩцәа. Урҭ рҟынтәи 20-ҩык Аԥснытәиқәан", - ҳәа еиҭалҳәоит Мадина.

Аиндаҭлара аноминациақәа х-категориакны еихшан ԥышәатә ҳасабла.

Ачемпионат аихшьаалақәа рыла шықәсык аҟынӡа аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгахьо рыбжьара актәи аҭыԥ никылеит аҟәатәи акәашаҩ Абазг Фет-оӷлы. Акомандатә баттл аҿы аҩбатәи аҭыԥ ныркылеит 13 шықәса зхыҵуа Сандрик Сабекиеи Владимир Дохнаӡеи, 12 шықәса зхыҵуа Ричард Хасаиеи.

Аԥснытәи абреик-кәашаҩцәа Шәачатәи ачемпионат аҿы аиааира ргеит

"Абазг Фет-оӷлы раԥхьаӡа акәны асеиԥш иҟоу ачемпионат далахәхеит. Абазг "топ-рок" ала ицәырҵра ажиури иаразнак иргәаԥхеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит акоманда азыҟаҵаҩ Џьамал Тачулиа.

Аԥсуа кәашаҩцәа азыҟарҵон: Џьамал Тачулиеи Константин Лазариди.

Ачемпионат "Full house battle" иалахәын 150-ҩык акәашаҩцәа Славианск-на-Кубани, Ҭҟәаԥс, Шәача, Аԥсны рҟынтә