Арадио

Ирфан Ахәаҷба: 25 нызықь ажәа знылаз аԥсуа-аҭырқәа жәар ахархәараҿы иманшәалоуп

Ҭырқәтәыла, Адаԥазар инхо ҳџьынџьуаҩ  Ирфан Ахәаҷба аԥсуа-аҭырқәа жәар шеиқәиршәаз, анаҩс уи ахархәара шаиузи ртәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит.
Sputnik

"14 шықәса раахыс Аԥснынтә ашәҟәқәа ааганы срыԥхьоит, исзымдыруа ажәақәа срыхәаԥшны исҵон, сара исзымдыруа даҽаӡәгьы изымдырыр ҟалоит ҳәа ажәар еизызго салагеит. 25 нызқь ажәа еиқәсыршәеит, шәҟәны иҭсыжьыр сҭахуп, аха ахә цәгьоуп. Аҷкәынцәа сыцхраан иҭазҩит, анаҩс аинтернет иҭаҳгалеит. Иахьа ухы иаурхәартә иҟоуп, аҭелқәа рҿы иҭаугалар алшоит, аԥсышәала ажәа уазҵаар, аҭырқәшәахь еиҭанагоит. Аҵара зсырҵогьы рхы иадырхәоит, иманшәалоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ахәаҷба.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы