Арадио

Аҩӡба еиҭеиҳәеит ашәахтәқәҵаразы апатенттә система ҵакыс иамоу

Ажьырныҳәа акы инаркны Аԥсны амч аиуит апатенттә системала ашәахтәқәҵаразы азакәан. Уи ззырхоу насгьы феидас иалоу атәы еиликаауан Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба.
Sputnik

"Апатенттә система ззырхоу зхала аус зуа абизнес маҷ знапы алаку роуп: иаагозар, ахцәҵарффаҩы, аимааӡахҩы, ажьи. Ҿыц иалагалоу асистема инақәыршәаны анаплакҩы аҭагылазаашьа имоуп ҩба-хԥа мзы, шықәсыбжак, мамзар шықәсыктәи ашәахтә иаразнак иалеигалар. Феидас иалоу уи ауп, инеизакны ианишәо иаҳа имаҷхоит, есымза ашықәс иалагӡаны иишәо аасҭа. Аха убри аан иҟоуп ас еиԥш аҭагылазаашьа уамак иззыманшәалам аусдкылаҩцәа, урҭгьы зегь еиԥшым, рнапы злаку аус ирнаҭо ахашәала ҳасаб азуны ҩба-хԥа мзы ԥхьаҟа ада ашәахтә ззымшәо ыҟоуп. Зыӡбахә ҳәаз анаплакыҩцәа ҷыдалатәи ашәахтә ҳәа иҟаз иаҟәыхны апатенттә системахь ииаган. Уи ззыҟаҵаз амзызқәа ируакуп 2008 шықәса раахыижьҭеи иршәоз ашәахтә аҽамԥсахыцызт. Уажәтәи аԥсахрала иаагозар, ахцәҵарффаҩы зқьи шә-мааҭки ишәозҭгьы, шьҭа зқьи хәышә мааҭ ҟалоит. Аха ҳзыцәажәаз аекономист Заур Шьалашьаа иазгәеиҭеит мзызда ашәахтә аҟны аԥсахрақәа алагаламызт ҳәа. Уи аԥхьа ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра имҩаԥыргахьан аҭҵаарақәа, урҭ инарықәыршәаны иҟаҵан аԥсахрақәа. Уажәтәи асистема ашәахтә зшәо анаплакыҩцәа рзы феида алоуп, избанзар рнапы злаку аус ишахәҭоу ашәҟәы иҭаргалар, иршәо ашәахтә ахәҭак атәанчахәы ахь ицоит", - иҳәеит Аҩӡба. 

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.