Абылра иаҿу атанкерқәа Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагам

Абылра иаҿу аӷбақәа Урыстәыла Амшын Еиқәа амшынтә ҵакырахь иҭалеит, аха иаанкылан анеитралтә ӡқәа рҟны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 – Sputnik. Абылра иаҿу атанкерқәа Керчтәи аӡыбжьахалаҿ аӷбақәа рныҟәара иаԥырхагам ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Амца зкыз атанкерқәа рҟынтә ибжьаӡыз ауаа рыԥшаара иаҿуп

Иара убасгьы иҟан адырра, абылра иаҿу аӷбақәа Урыстәыла Амшын Еиқәа амшынтә ҵакырахь иҭалеит, аха иаанкылан анеитралтә ӡқәа рҟны ҳәа.

Амаҵзура адыррақәа рыла, амца атәара иаҿуп атанкерқәа рҿы. Шьыжьы инаркны аиқәырхаратә операциа мҩаԥысуеит. Хабарда ибжьаӡны иҟоу амшынуаа макьанагь иԥшаам. Иҟоуп агәаанагара урҭ амца зку атанкерқәа рыҩныҵҟа иҟазар ҟалоит ҳәа.

Танзаниа абираҟ иаҵагыланы иӡсоз аӷбақәа "Канди", "Маэстро" амца ркит Керчтәи аӡыбжьахалаҿы. Аӷбақәа рҿы иҟан 32-ҩык амшынуаа: 12-ҩык еиқәырхоуп, 10-ҩык хабарда ибжьаӡит, аҽа жәаҩык ҭахеит.