Аминистрцәа реилазаараҿы аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәа ирылацәажәеит

Аминистрцәа реилазаараҿы аҩныҵҟатә тәылауаҩшәҟәқәа реиҿкаареи реихшаареи рызҵаарақәа ирылацәажәеит ажьырныҳәа 23 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik. Аԥсны азеиԥштәылауаҩшәҟәы аиуразы 120 400 рзаҳал нашьҭуп, урҭ рҟынтәи 98 нызқь ауаа ирзыршахьеит иҳәеит Аминистрцәа реилазаара аилацәажәараҿы ареспублика Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра атәылауаҩшәҟәтә Усбарҭа аиҳабы Едуард Манаргьиа.

Аныҳәамшқәа раан 200 рҟынӡа тәылауаҩшәҟәы ауааԥсыра ирыҭан

Иара иажәақәа рыла, жә-нызқь рҟынӡа тәылауаҩшәҟә хианы ишьҭоуп, аҽа жәеиза тәылауаҩшәҟә аус рыдырулоит. Аусбарҭа адыррақәа рыла, иазыԥхьагәаҭоуп аҽа 25 нызқь рзаҳал рыдкылара.

Манаргьиа иазгәеиҭеит ауааԥсыра ирхианы иҟоу адокументқәа ргара ишахымыццакуа.

Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Асҭамур Қьецба иҳәеит апроцесс аҭыԥантәи амилициауаа адыԥхьалазар бзиоуп ҳәа.

Иара убасгьы иҳәеит азыҳәа ҟазҵо ргәаҭаразы амиграциатә маҵзуреи ашәарҭадаратә маҵзуреи реицусура аус арццакуеит ҳәа.