Аԥсны Урыстәыла имҩаԥысраны иҟоу аспорттә қәԥарақәа рфестиваль иалахәхоит

IX-тәи иаку аспорттә қәԥарақәа рзы иаарту афестиваль "Кубок равноапостольного Николая Японского" мҩаԥысраны иҟоуп Москватәи аобласт, Пушкино ақалақь аҿы жәабран 2-9 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 - Sputnik. Косики карате азы аԥснытәи аспортсменцәа алахәхоит IX-тәи иаку аспорттә қәԥарақәа рзы иаарту афестиваль "Кубок равноапостольного Николая Японского". Афестиваль мҩаԥысраны иҟоуп Москватәи аобласт, Пушкино ақалақь аҿы жәабран 2-9 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит аспортсменцәа разыҟаҵаҩ Демис Адлеиба.

Аԥснытәи акаратистцәа Москвантә амедалқәа ааргеит

"Афестиваль аҿы аԥыжәара ҳауп ҳәа ҳгәыӷуеит. Ҳкоманда иалахәуп изныкымкәа аԥхьахәқәа зоухьоу аспортсменцәа", - ҳәа иҳәоит Демис Адлеиба.

Аԥсны ахьӡала атурнир аҿы иқәгылоит: 2017 шықәсазы адунеитә еиндаҭлараҿы аиааира згаз, 10 шықәса зхыҵуа Ерик Хоџьаиан, 2018 шықәса рзы Уренгои ақалақь аҿы жәларбжьаратәи атурнир аҿы иаиааиз Дмитри Адлеиба, адунеитә еиндаҭлараҿ араӡны медал занашьахаз Софиа Аҩӡыԥҳа.

Афестиваль еиҿкаан 2011 шықәса рзы, Иапониатәи адгьылҵысраан аԥхасҭа зауз ауаа адгылара рыҭаразы. Уи аахыс иара есышықәса имҩаԥысуеит. Аԥсны фынтәуп ари афестиваль иалахәуижьҭеи.