Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә изолиатор ахь днагоуп ирбаандаҩу Қырҭтәыла атәылауаҩ.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 - Sputnik. Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа дааныркылеит Қырҭтәыла амаҵзура ҷыдақәа рнапынҵала аԥыԥшра мҩаԥызгоз Қырҭтәыла атәылауаҩ, Тҟәарчал араион, Ҵарча ақыҭан ииз Парулава Гиа Ушьангь-иԥа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзура.

Парулава идырбалеит аграната Ф-1, зкалибр 5.45 мм. иҟоу апатронақәа, афымцадетонатор.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә ҟәша ихацнаркит ашьаус, Аԥсны Ашьауӷатә Кодекс ахәҭаҷ 274 "Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә маӡа иаҵанакуа адыррақәа аҳәаанырцәтәи атәыла аҭаразы аизгареи аҵәахреи, иара убасгьы Аԥсны Аҳәынҭқарра ашәарҭадара аҵшәаарази, абри аумҭа аҳәаанырцәтәи атәылауаҩ ианымҩаԥиго" алеи ахәҭаҷ 217 "Закәаншьаҭада аџьаԥҳаны аахәареи аҵәахреи" алеи.

Аҟәа ақалақь аӡбарҭа Парулава дарбаандаҩит ҩымз ҳәа ҿҳәарас иҟаҵаны.