Аҟәа ақалақь ахәҭак фымца лашарада иаанхеит

Аҟәа ақалақь хәҭак фымца лашарада иаанхеит ажьырныҳәа 26 аҽны.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа ақалақь ахәҭак фымца лашарада иаанхеит, Адыгаа рымҩа ду аҟны иҟалаз авариа иахҟьаны, абри атәы иҳәеит афымцаргыларақәа Аҟәатәи аусбарҭа аиҳабы Ҭимур Џьынџьал.

"Авольтҳаракытә цәаҳәақәа ркаҳара иахҟьаны Аҟәа ақалақь агәҭа фымцалашарада иаанхеит. Авариа ахьыҟалаз аҭыԥахь иаразнакала инеит "Амшынеиқәафымцамч" аусзуҩцәа, уажәазы аусурақәа цоит атехника аԥсахразы", - иҳәеит иара.

Џьынџьал иажәақәа рыла, ауааԥсыра иаарласны афымца лашарала еиқәыршәахоит.