Габалыиа: ирацәоуп аилагарақәа иахьа ачароураҿы иҟоу
© Sputnik
"Ан ачарахь лнеира ҳашьцылеит, аха аб инеира сашьцылар сҭахым. Ҳәарада, анаҩс хазы иааԥхьаны аҵкыс, ҳшаҿу ҳалгап ҳәа ианхәыцуа ыҟоуп, аха ҳчарақәа, инеиҵыхны акәымкәа, 250-300 рҟынӡа иаҳуазҭгьы, аҭаца лганахьала 7-10 рҟынӡа ааԥхьара рыҭахозҭгьы, усҟан ҳманшәалахон, аҽхырҵәарагьы аҭаххомызт. Абарҭ аилагарақәа зегьы иахьынӡауа ирԥсыҽтәуп, ирмариатәуп. Ари аԥсыуарам анаҳҳәо, уи цәгьоуп акәӡам иаанаго. Еилкаауп, иахьа даҽа аамҭак ҳҭагылоуп, аха аԥсуа чароура апринцип хадақәа еилагатәым", - ҳәа азгәеиҭеит Габалыиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.