Арадио

Ҳашԥҳа: ачарақәа ишахәҭоу еиԥш рыуразы аҿырԥштәы ыҟазароуп

Рыҽшԥарыԥсахи аԥсуаа ҳҿы аишәачарақәа, урҭ ауаажәлар рматериалтә ҭагылазаашьа анырра шԥанаҭо - абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы лгәаанагара лҳәеит адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны аҵарауаҩ-адемограф Асҭанда Ҳашԥҳа.
Sputnik
Ҳашԥҳа: ачарақәа ишахәҭоу еиԥш рыуразы аҿырԥштәы ыҟазароуп

"Ачараушьа аформақәа - ишыҟаз, ишыҟоу - ирызкны акандидаттә диссертациа иаарласны ихьчахоит. Анаҩс шәҟәынгьы иҭыжьхоит. Ачара шутәу ҳәа азакәан, мамзаргьы уи еилазго ашәахтә иқәҵара - иамуа усуп. Ауаа ираҳәалатәуп ишахәҭоу, адырраҭарақәа ҟаҵалатәуп, асоциалтә ҳақәа рҿы икьыԥхьлатәуп, нас ауп ауаҩы ипсихологиа аҽанеиҭанакуа. Аҳәара ашьҭахь, иагьыҟаҵалатәуп. Ауаҩы ихатәы ҿырԥштәала егьырҭ идирбозароуп, нас ауп ауаагьы уи аҟаҵара ианалаго", - ҳәа азгәалҭеит Ҳашԥҳа. 

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.