Арда Ашәба: аҭҵаарадырратә ҩаӡара змоу арҵаҩцәа роуп Дузџьатәи ауниверситет ахь ишьҭхо

Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба дазааҭгылоит Ҭырқәтәыла, Дузџьатәи ауниверситет ахь аҧсуа бызшәа дырҵаразы Аҧснынтә арҵаҩцәа рышьҭра азҵаара шықәгылоу.
Sputnik

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik

Ҳазҭалаз ашықәс ҿыц аламҭалазы, Сҭампыл еиҿкаау Аҧсуа культуратә хеидкылақәа рфедерациа аиҳабы Аҭанур Аҟәысба, аҵарауаҩ Арда Ашәба иахь адырра ҟаиҵеит, шықәсқәак раҧхьа Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети Дузџьатәи аҳәынҭқарратә университети ирыбжьарҵахьаз аиқәшаҳаҭра лҵшәас иамаз, аҧсуа бызшәа Кавказтәи абызшәақәа реиҧш Дузџьатәи ауниверситет аҿы ирҵартә еиҧш алшара аҧҵаразы аҭагылазаашьа аиҿкаара.

"Усҟан иҟалаз амзызқәа ирыхҟьаны аҧсуа бызшәа ддырҵартә еиҧш аҭагылазаашьа ҟамлаӡеит, ааҧхьара аӡәгьы иаҳмоуӡеит аҧсуа бызшәа дырҵаразы ирышьҭраны иҟаз хҩык ҳахьынтәи", - ҳәа азгәеиҭоит Арда Ашәба.

Аҟәысба Ҭырқәтәыла акультуратә центр ҿыц азы: адиаспора еиднакылоит

Уижьҭеи аамҭақәа акыр шыбжьысызгьы, аиҧыларақәа имҩаҧыргеит Аҧсуа Федерациа аиҳаби Дузџьатәи ауниверситет аректори. Иазгәаҭатәуп, Кавказ ажәларқәа алшара шрымоу абри ауниверситет аҟны рхатәы бызшәа аҵаразы.

"Абызшәа дзырҵо Маиҟәаҧынтәи иҟоу апрофессорцәа аӡәы-ҩыџьа сара ибзиаӡаны издыруа роуп, сырҵаҩцәа роуп, аспирантура уа сҭан. Еснагь исзасуан, исыдҵаалон, ҳаннеиуаз аилкаара иашьҭан. Ауниверситет аҟны изныкымкәа аҭҵаарадырратә конференциақәа мҩаҧыргахьеит, Адыгеиатәи аҳәынҭқарратә университет, Дузџьатәи ауниверситет, иара убас егьырҭ ауниверситетқәа рҟынтәи аӡәык-ҩыџьак ааҧхьара рыҭаны. Ҳаргьы иҳаман ааҧхьара, аха усҟан ҳцартә изыҟамлеит, азҵаара шьҭыхны ҿыц ҳалацәажәарц ҳҭахын. Абыржә ҩаҧхьа ихацыркхеит, аҧсуа бызшәа иамоу амҽхак, аҧсуа бызшәа аҵаразы аҭахра аазырҧшыз рхыҧхьаӡара иазҳаит, убри аҟынтә аҧсуа бызшәа дырҵаразы тәымбызшәак аҳасабала уахь ааҧхьара зырҭо, аусура иаладырго арҵаҩцәагьы дара руалафахәы иаҟараны ирырҭо. Аха, аҭҵаарадырра аганахьала аҧышәа змоу адокторцәа, адоцентцәа иреиҵамзароуп ауниверситет ахь ааҧхьара зырҭо арҵаҩцәа", - иҳәеит Арда Ашәба.

Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, академик Алеко Гәарамиа ари ажәабжь гәахәала идикылеит, дахаҵгылеит, аус аҳәаақәҵара амҩа иқәуп.

"Иасҳәеит абри аҩыза ааҧхьара шыҟоу, уи еиҳарак изыӡбараны иҟоу ААУ шакәу. Избанзар, азыҟаҵара бзиа змоу, аҭҵаарадырратә ҩаӡара змоу ҳаҧсуа университет аҿоуп аус ахьыруа. Убри инақәырццакны ара дааны дыҟан Ҭырқәтәыла иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Вадим Ҳаразиа. Ҿыц абри азҵаара шьҭыхны ҳаиҭалацәажәеит, аӡбара ҳаҿуп, иаарласны урҭ азҵаарақәа рылҵшәақәа сыманы Ҭырқәтәылаҟа сцараны сыҟоуп", - ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Ҳаҧхьаҟа иааиуа аҵарашықәс азы акафедра, аматериалқәа, асиа, иақәнагоу адокументқәа зегьы шьақәырӷәӷәаны иҟазароуп. Раҧхьатәи аиқәшаҳаҭраҟны иарбамыз азгәаҭақәа ыҟоуп.

"Аҧсуа-абаза жәлар аӡәны ҳаҧхьаӡоуп. Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар рҟны маҷк аиҧшымзаара ыҟазаргьы ҳцәажәараҟны, зегь акоуп ҳаилибамкаауа ҳаҟаӡам. Ишьҭтәу рсиа макьана ишьақәыргылаӡам, аректор излаиҳәаз ала, хымҧада ицаны еилкаатәуп зегьы, рынхарҭа-рынҵырҭа, ироуа, шаҟаҩ аҭаху, шаҟа сааҭ азоурыжьуа, акафедроума, акафедра аҩныҵҟа ҟәша хәыҷны иҟоума уҳәа, аҭагылазаашьа ҭҵаатәуп", - иҳәеит Арда Ашәба.

Аҧышәа змоу, абызшәа арҵаразы аҭҵаарадырратә усумҭа змоу арҵаҩцәа роуп ирҭаху, аҧсышәалагьы урысшәалагьы, англыз бызшәала, аҭырқәа бызшәала адокументқәа еиҭаганы, оригинал иақәҭыхны идырбатәуп. Ирымоу аусумҭақәа, адокументқәа заанаҵы ирдыруазароуп, аамҭа иагымхо иҟаҵатәуп.