Арадио

Кәарцхьиаԥҳа Гал араион иазкны: аҭыԥантәи ауааԥсыра рџьабаала инхоит

Гал иҟоу аҭагылазаашьа аҭҵааразы, ауааԥсыра шынхо, урҭ зыргәамҵуа азҵаарақәа реилкааразы араион аҿы аус луан Sputnik акорреспондент Сариа Кәарцхьиаԥҳа.
Sputnik
Кәарцхьиаԥҳа Гал араион иазкны: аҭыԥантәи ауааԥсыра рџьабаала инхоит

"Шықәсык инацны Гал ауааԥсыра ирырҭоит анхаразы ашәҟәы. Аха уи ицәырнагоит егьырҭ азҵаарақәа, избан атәылауаҩшәҟәы аиуразы азин зрымам. Иҟоуп анхаразы ашәҟәы змоуа, аха анхаразы азин змоу, уи зыршаҳаҭуа ашәҟәгьы рырҭоит. Урҭ рахь иаҵанакуеит Аԥсны имииз, аха ара инхо ауааԥсыра. Дара ирымоуп азин ҩы-шықәса Аԥсны анхара ашьҭахь анхаразы ашәҟәы аиура. Ашәҟәы анрырҭалак, хәы-шықәса рышьҭахь, аԥсуа бызшәеи Аԥсны Аконституциеи рдырразы аԥышәаракәа рҭиуеит, абарҭқәа рышьҭахь аԥсуа тәылауаҩшәҟәы инапаҿы иҟалоит. Аха уигьы зҵаароуп. Убри азы араион ауааԥсыра ирымоуп агәынамӡарақәа", - ҳәа азгәалҭеит Кәарцхьиаԥҳа.

Гал араион аҿы аус зуаз Sputnik акорреспондент илҳәеит, араион раԥхьаӡа акәны дшаҭааз.

"Гал имцац араион азы ихатә гәаанагара шимоу еиԥш, саргьы схаҿы иҟан сахьак, аха уи ииашамкәа ишьақәгылан. Аҭыԥантәи анхацәа рынхарҭа ҭыԥқәа еиҿкааны ирымоуп, рбаҳчақәа рҿы уажәгьы аусура иаҿуп, џьабаала инхо шраку убарҭоуп", - ҳәа лҳәеит Кәарцхьиаԥҳа.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.