Вышински ирбаандаҩра аҿҳәара ацҵараз адукатцәа рзыҳәа иахәаԥшраны иҟоуп

Херсонтәи апеллиациатә ӡбарҭа ажурналист Кирилл Вышински ирбаандаҩра аҿҳәара ацҵараз адукатцәа рзыҳәа иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 31 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 28 – Sputnik. Херсонтәи апеллиациатә ӡбарҭа апортал РИА Новости Украина аиҳабы, ажурналист Кирилл Вышински ирбаандаҩра аҿҳәара ацҵараз адукатцәа рзыҳәа иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 31 рзы.

Вышински аӡбарҭа аилатәара далахәхоит

Херсонтәи аӡбарҭа аилатәара мҩаԥнагараны иҟоуп асааҭ 15:30 рзы ҳәа аанацҳауеит РИА Новости адукат Андреи Домански иажәақәа ҵаҵӷәыс иганы.

Апортал РИА Новости Украина анапхгаҩы Кирилл Вышински даанкылан Киев, лаҵара 15, 2018 шықәса рзы. Ажурналист аҳәынҭқарра иԥсахит ҳәа ахара идырҵоит. Абри ахәҭаҷ ала иазыԥхьагәаҭоуп 15 шықәса рҟынӡа ҭакрала ахгара.

Амассатә информациатә хархәагақәа рхақәиҭра азҵаарақәа рзы ОБСЕ ахаҭарнак Арлем Дезир уаанӡагьы агәҭынчымра ааирԥшхьан Киев апортал РИА Новости Украина аганахь ала ахымҩаԥгашьазы. Дезир ааԥхьара ҟаиҵахьеит ажурналист ихы дақәиҭтәызарц.

Ажьырныҳәа 14 рзы Украина апрокуратура аҳәамҭа ҟанаҵеит Вышински иус хыркәшоуп ҳәа. 30 том рҟынӡа инаӡо ажурналист иусшәҟәқәа иара ихаҭа иеиԥш идукатцәагьы аԥхьарц ирырҭеит.