Арадио

Кәыҵниа еиҭеиҳәеит амцаҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ахәыҷқәа иахьынӡардыруа

Иабанӡацәыхьчоу аԥснытәи ашколқәа амцакра, иара убас абылраҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ахәыҷқәа иахьынӡардыруа атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Аҟәеи Аҟәа араиони абылраҽацәыхьчара аҟәша аиҳабы Ҭеимыр Кәыҵниа.
Sputnik
Кәыҵниа еиҭеиҳәеит амцаҽацәыхьчаратә ԥҟарақәа ахәыҷқәа иахьынӡардыруа

"Аҵарашықәс анҵәамҭазы ашколқәа зегьы ҳарҭаауеит, ашкол аҭагылазаашьа гәаҳҭоит, иагу-иабзоу еилаҳкаауеит. Иҟоу аилагарақәа зегьы ашәҟәы ианҵаны, аԥсшьараамҭа иалагӡаны идыриашарцазы ашкол анапхгара ираҳҭоит. Амашәыр аныҟало аамҭазы ахәыҷы дымҩақәызҵо арҵаҩы иоуп, уи азы- дазыҟаҵазароуп иара. Амцакра аамҭазы рхы шымҩаԥыргашеи, аԥҟарақәеи рдыруазароуп арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи. Ашколқәа рҿы имҩаԥаагоит аҽазыҟаҵарақәа, амцакра аамҭазы ишдәылҵша, рхы шымҩаԥыргаша дҳарбоит. Ахәыҷқәа ашколқәа рҿы амцарцәагатә маругақәа хәмаргас ирымамзароуп", - ҳәа еиҭеиҳәеит Кәыҵниа.     

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.