Аԥснытәи ашахматасыҩцәа "Moscow Open-2019" иалахәуп

Ашахмат азы ахәыҷқәа рыбжьара Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Moscow Open-2019" мҩаԥысуан ажьырныҳәа 24 инаркны жәабран 3 рҟынӡа.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 29 – Sputnik. Ашахмат азы ахәыҷқәа рыбжьара Жәларбжьаратәи аиндаҭлара "Moscow Open-2019" иалахәуп аԥснытәи ашахматасыҩцәа ҿарацәа ҳәа радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашахмат азы Аԥсны Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.

"Moscow Open-2019" иалахәхеит 9-13 шықәса зхыҵуа ашахматасыҩцәа 16-ҩык. Иааидкыланы аиндаҭлара иалахәын зықьҩык инареиҳаны ахәыҷқәа", - ҳәа иҳәеит иара.

Аԥснытәи ашахматасыҩцәа Черногориа ачемпионат аҟны қәҿиарала иқәгылоит

Уаанӡатәи аиндаҭларақәа рҿы аԥснытәи ашахматасыҩцәа ицәгьамкәа рхы аадырԥшит.

"Иреиӷьу аҩажәаҩык ирылахәхеит. Уи еиҳаны ҳазхамлеит, аха сынтәа еиӷьу алҵшәақәа ааҳарԥшып ҳәа ҳгәыӷуеит. Атурнир иалахәу зегьы рыҩаӡара акыр иҳаракуп, аиааирагьы уадаҩуп", - ҳәа иҳәоит Ҭыжәба.

"Moscow Open-2019" алахәылацәа ареспубликатә еиндаҭларақәа рҟны иреиӷьыз ирылыркаауеит.

Ахәыҷқәа рзы еиҿкаауп акультуратә программа. Дара рҭаар рылшоит москватәи атеатрқәеи амузеиқәеи.

"Moscow Open-2019" ҳаспортсменцәа ралахәра алыршахеит Аҟәа ақалақь ахадара аҿари аспорти рзы Аилак ацхыраарала.