Арадио

Коӷониа ConIFA - 2019 иазкны: акоманда аҩныҵҟа аимадара зегьы ирыцкуп

Ашьхатә Ҟарабах имҩаԥысран иҟоу ашьапылампыласраз Европа ачемпионат ConIFA - 2019 аҵәҭаԥсара ашьҭахь еилкаахеит Аԥсныи, Ниццие Чамериа гәыԥк аҿы ишеиқәшәаз. Иманшәалоума ари агәыԥ аԥсуа спортсменцәа рзы, насгьы ирымоума ашьапылампыласыҩцәа алшара аиааира агара, абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит ашьапылампыласҩы Лаша Коӷониа.
Sputnik
Коӷониа ConIFA - 2019 иазкны: акоманда аҩныҵҟа аимадара зегьы ирыцкуп

"Агәыԥ маншәалоуп ҳәа ахаан иузҳәаӡом ашьапылампыл асраҿы, избанзар ачемпионат ианалаго акоманда шыхәмаруа аҳәара уадаҩуп. Зегьы аҿазыҟаҵарақәа ирылагоит, зегьы ирҭахуп аиааира. Макьана аиҿцәажәарақәа мҩаԥаҳамгаац азыҟаҵаҩцәеи ҳареи, аха аҿарацәа рацәаны иҳамоуп, ибзиан зхы аазырԥшуа. Атурнир ибзианы имҩаԥысырцаз иаҳҭахуп аҽеизгарақәа. Ҳаицны ҳаныхәмаруа аимадареи аилибакаареи ҳабжьоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Коӷониа.

ConIFA аганхь ала Европа ачемпионат 2019 шықәса аҵәҭаԥсара ашьҭахь еилкаахеит Аԥсныи Ниццеи Чамериеи (Бырзентәыла аҩадатәи ахәҭа) ркомандақәа гәыԥк ишеицақәшәаз.
ConIFA аганхь ала Европа ачемпионат 2019 мҩаԥысраны иҟоуп Степанакерт, рашәарамза 1 -16 рзы. Иалахәхоит 12 команда.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.