Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа еилазгаз Қырҭтәыла атәылауаа аанкылоуп

Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ахысраан иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа мҩаԥгоуп Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә изолиатор ахь.
Sputnik

АҞӘА, ажьырныҳәа 31 - Sputnik. Қырҭтәыла атәылауаа ҩыџьа Гал араион аҿы аҳәынҭқарратә ҳәаа ианахысуаз иааныркылеит ҳәа аанацҳауеит Аԥсны АШәМ апресс-маҵзураҿы.

Иааныркылаз Кукава Мамуки Валико-иԥа, 1979 шықәса рзы иизи Гулордава Гочи Давид-иԥа, 1986 шықәса рзы иизи рганахь ала аусҭҵаара хацыркуп Аԥсны АК "Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳәаа закәаншьаҭада ахысразы" ахәҭаҷ 324 ахәҭа 2 инақәыршәаны.

Аԥсуа-ақырҭуа ҳәаа ахысраан иааныркылаз Қырҭтәыла атәылауаа мҩаԥгоуп Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура аусҭҵааратә изолиатор ахь.

Аԥсны Ашәарҭадаратә маҵзураҿы Қырҭтәыла атәылауаҩ дааныркылеит