Кәарҷиа: анхаҩы ихы зланыҟәиго ақыҭанхамҩатә культурақәа хьчазароуп
© Sputnik
"Апты азы иҟоу ауадаҩра аԥыхразы зегь раԥхьа ацхыраара зырҭо аҳәаа иаԥну араионқәа роуп. Ҭынхада иаанхаз Очамчыра араион ауп. Иахьатәи аамҭазы уа иҟоуп арасада рхы зланыҟәырго змам ақыҭақәа. Ҵыԥх аҭагалызаашьа уадаҩын, сынтәагьы усоуп, ҳаԥхьаҟагьы ишыҟало еилкаам. Абри акультура аиқәырхаразы апрограмма ҩба-хԥа шықәса иреиҵамкәа ицароуп. Ауаҩы ихы ныҟәыигартә еиԥш иааирыхуа акультурақәа рыхьчара акраҵанакуеит. Анкьа ачаи ҳаман, уажәы уи аҭыԥан арасоуп иҟоу. Иахьа 10 нызқь гектар араса ыҟоуп Аԥсны. Аҭаацәарақәа рхы зланыҟәырго рымамкәа иаанхеит", - ҳәа азгәеиҭеит Кәарҷиа.
Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.