Арадио

Ломиаԥҳа: мчыбжьык акарантин аларгалеит ҳәа аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуам

Аҟәатәи аԥшьбатәи абжьаратә школ адиректор Нонна Ломиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны еиҭалҳәеит агрипп чымазара иахҟьаны ашкол аҿы аҭагылазаашьа зеиԥшроу.
Sputnik
Ломиаԥҳа: мчыбжьык акарантин аларгалеит ҳәа аҭагылазаашьа аҽеиҭанакуам

"Ашкол ахь иаауа ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара есыҽны аҽеиҭанакуеит: иахьатәи амш азы 255-ҩык аҵаҩцәа агуп. Ичмазаҩымкәа аҭаацәа шәаны зхәыҷқәа аазмышьҭыз ыҟоуп, ашоура змоугьы ыҟоуп. Аимҳәаҿкы змоу ҳәа ҳашкол аҿы ахәыҷқәа ыҟам. Макьана акарантин ахәҭоуп ҳәа иҳаԥхьаӡаӡом, уи мчыбжьык иаларгалеит ҳәа уи акгьы аԥсахуам, апрограмма ҳаҵахоит, ҳашнеиуа-ҳнеилар иаҳа еиӷьуп. Апрофилактика амҩаԥгаразы иҳарҳәаз рацәоуп, убас аҭаацәагьы ҳаргьы ҳаицхыраар бзиоуп, акарантин рылаҳәаны ахәыҷқәа аҩны иҳартәар аасҭа", - ҳәа азгәалҭеит Ломиаԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.