Аԥсуа ԥацха, ауардын, акалаҭ: Аслан Кәыркәынаа инапкымҭақәа

Sputnik

Аслан Кәыркәнаа инапкымҭақәа иреиуоуп аԥсуа ԥацха, акалаҭ, амҵәышә, ауардын уҳәа. Иара иусумҭақәа, хадаратәла, аԥсуа бзазара аҟнытә ауп ишаагоу.

Аслан Кәыркәнаа инапкымҭақәа рыҟаҵашьа иазку аматериал шәаԥхьар ҟалоит абра>>>

Атеатр азы адекорациақәа ахьдырхио ауадаҿы зеиуахкы уҭаху амыругақәа улаԥш иҵашәоит: ажьаҳәа, ахәархь, ашьалашьын уҳәа. Иаразнак уԥынҵа иааҭасуеит ҿыц ихдырффааз аӷәаӡа афҩы лаҳалаҳауа. "Ара заҟа декорациа ҩнаҳгалахьо, иҩнаҳгахьо - ԥхьаӡашьагьы амам", - абас даалафит ашә ҳзаазыртыз аԥшәмагьы.

1 / 12
Аслан Кәыркәынаа инапкымҭақәа иреиуоуп аԥсуа ԥацха, акалаҭ, амҵәышә, ауардын.
2 / 12
Абыца акәзар, асахьаҭыхыҩ ихаҭа абнахь дцаны иааигоит. Анаҩс, абыца аӡыршы иӡааҵаны иӡлаирчуеит. Амаҭәахә ишахәҭоу ианирхиалак ауп аргыларатә усқәа рахь даниасуа.
3 / 12
Аԥацхашышра аԥышәа ахьимамыз аҟнытә, иабду инапкымҭа даҿыԥшны ихатәы макет аҟаҵара кыр иус армарион.
4 / 12
Ауада уахьыныҩнало, агәҭахьшәа, еивагылоуп напыла ишышу аԥсуа ԥацха амакетқәа хԥа.
5 / 12
Кәыркәнаа излеиҳәаз ала, амакетқәа рыҟаҵара – кыр ачҳареи амаашьареи зҭаху, зегьы рҟазшьа изақәымшәо усуп.
6 / 12
Аҟаза иусумҭақәа аԥсуа бзазара аҟнытә ауп ишаагоу.
7 / 12
Асахьаҭыхыҩ қәыԥш иқыцә иҭнахызгьы ижьаҳәа иачаԥаз кыр иазааигәан.
8 / 12
Аслан аԥацхашышра инапы аиаркаанӡа аҭоурыхҭҵааҩцәа дрыдҵаалоит.
9 / 12
Инапкымҭақәа ҷыдала дырзыҟоуп аҟаза Аслан Кәыркәынаа.
10 / 12
Аԥацхашышра даналгалак ашәыга ахьишьуеит.
11 / 12
Аԥсуа ԥацха хәыҷы аҟны икнаҳауп ашә, акәац.
12 / 12
Асеиԥш аԥацха хәыҷы аҟаҵара аамҭа рацәа аҭахуп.