Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кәыркәнаа
Аслан Кәыркәнаа  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аурыс драматә театр асахьаҭыхыҩ Аслан Кәыркәнаа иусура хада иҽахаршәаланы амҿлых макетқәа ҟаиҵоит. Инапкымҭақәа иреиуоуп аԥсуа ԥацха, акалаҭ, амҵәышә, ауардын уҳәа. Иара иусумҭақәа, хадаратәла, аԥсуа бзазара аҟнытә ауп ишаагоу.

Аинар Ҷыҭанаа, Sputnik

Аҟазаратә маҵурҭа

Атеатр азы адекорациақәа ахьдырхио ауадаҿы зеиуахкы уҭаху амыругақәа улаԥш иҵашәоит: ажьаҳәа, ахәархь, ашьалашьын уҳәа.

Геннади Ҵәыџьба иҟазарҭаҟны - Sputnik Аҧсны
Геннади Ҵәыџьба: ажәытә аԥсуа маҭәарқәа рмузеи аҩны аартра сгәы иҭоуп

Иаразнак уԥынҵа иааҭасуеит ҿыц ихдырффааз аӷәаӡа афҩы лаҳалаҳауа. "Ара заҟа декорациа ҩнаҳгалахьо, иҩнаҳгахьо - ԥхьаӡашьагьы амам", - абас даалафит ашә ҳзаазыртыз аԥшәмагьы.

Арҿиаҩы ирҿиамҭа: Езаҭ Џьениа иҳамҭаҷқәа

Аганахьшәа аҭӡамц иадҟаҵалоу "амаҵурҭа маҷ" акәзар, иуанаҳәоит уахгьы-ҽынгьы ара аус шеилашуа, акрыфарҭахь ацаразы аамҭа шнымхо. Ауада уахьыныҩнало, агәҭахьшәа, еивагылоуп напыла ишышу аԥсуа ԥацха амакетқәа хԥа. Урҭ рыгәҭаны игылаз аԥацха егьырҭ "ишреиҳабыз" аҟара еилукаартә иҟан, аха иара Аслан иабду 50 шықәса раԥхьа иишышыз ԥацхоуп ҳәа сгәы иаанагомызт.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш иажәақәа рыла, ҩышықәса раԥхьа атеатр ахь аусура данаауаз ари амакетгьы ааигеит. Избан акәзар, уеизгьы-уеизгьы аԥацхашышра аԥышәа ахьимамыз аҟнытә, иабду инапкымҭа даҿыԥшны ихатәы макет аҟаҵара кыр иус армарион.

Работа Саиды Пилия - Sputnik Аҧсны
Ахаҳә аԥсы ҭазҵо Саида Ԥлиаԥҳа

Аслан иара убасгьы иазгәеиҭеит иан лганахьала иабдугьы амҿлых макетқәа рыҟаҵара кыр инапы шазыманшәалоу. Иара иажәақәа рыла, уигьы иҿиҵааз маҷым.

Аҟаза инапкымҭақәа рфотолента шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Сара исзымдыруа азҵаара ианакәзаалак сацәыԥхашьаӡом. Хымԥада, уеиҳабацәа реиԥш аӡәгьы умҩақәиҵаӡом, акы уҵарц уҭаххаҵәҟьар. Иахьагьы, аҵара сзырҵоз асахьаҭыхыҩцәа рҟынтәи абжьгарақәа гәахәара дула исыдыскылоит", - иҳәеит иара.

Кәыркәнаа излеиҳәаз ала, амакетқәа рыҟаҵара – кыр ачҳареи амаашьареи зҭаху, зегьы рҟазшьа изақәымшәо усуп. Иара игәалаиршәеит иашьеи иареи анмаҷқәаз еиҳа еиӷьу аԥацха хәыҷы зшышуа ҳәа ишеисоз. Аха аамҭа анца иараӡәк иоуп анапкымҭатә ҟазарахь аинтерес ззынхаз.

© Sputnik / Томас ТхайцукАслан Кәыркәнаа
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа - Sputnik Аҧсны
Аслан Кәыркәнаа

Ауардын хәыҷқәа рзааигәара иқәгылан агареи аҭәарныҟәагеи рмакетқәа. Асахьаҭыхыҩ урҭ ахәыҷбаҳчазы ишыҟаиҵаз ҳаиҳәеит. Иара иажәақәа рыла, ааӡаҩцәа арҭ анапкымҭақәа рахь азҿлымҳара ду аадырԥшит, иагьырҭаххеит амакетқәа алабҿабатә материал аҳасабала ироурц.

Асида Зыхәԥҳа илзымҳәо еиҭазҳәо лнапкымҭақәа

Аслан инапкымҭақәа злихуа амаҭәахә шеидигало атәы ҳаниазҵаа, иҳаиҳәеит атеатртә декорациақәа рзы амаҭәахә анаарго, аԥацхақәа, акалаҭқәа рмакет злыҵша амҿлыхгьы шацаархәо. Еиҳа иманшәалоуп, иӷәӷәоуп ахьатә ӷәқәа. Аха урҭ рырхиара еиҳа ауадаҩра ахьацу аҟнытә Аслан ихы иаирхәоит аԥса. Абыца акәзар, асахьаҭыхыҩ ихаҭа абнахь дцаны иааигоит. Анаҩс, абыца аӡыршы иӡааҵаны иӡлаирчуеит. Амаҭәахә ишахәҭоу ианирхиалак ауп аргыларатә усқәа рахь даниасуа.

Екатерина Еџьан - Sputnik Аҧсны
Асахьаҭыхыҩ қәыԥш: ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит

Аҟауар шьҭаҵаны, ақыцә ахь…

Аԥацха хәыҷқәа зегьы "ҳанрыҩныс", ауардынқәа зегьы "ҳанрықәтәа", уи алагьы "ҳекскурсиа" нҵәеит ҳәа азыӡбаны ауада ҳаадәылҵит. Аха рацәак ихарамкәа даҽа уадак ахь ашә ҳзаатын, ашәхымс ҳнахыҵит. Аригьы Аслан Кәыркәнаа иҩызцәеи иареи аус ахьыруа уадазаап, аха амакетқәа рҭыԥан ара аҿыханҵатә ҭыхымҭақәа роуп улаԥш зықәшәо.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш иқыцә иҭнахызгьы ижьаҳәа иачаԥаз кыр иазааигәан. Аслан ихаҭа излаирҵабыргыз ала, уажәы иаҳирбоз иҭыхымҭақәа рҟны иааирԥшыз инапала иҟаиҵаз амакетқәа роуп. Иара изанааҭ ахаҭаҿгьы аԥсуа бзазаратә маҭәарқәа иахьынӡауа ала дрыцәхьаҵӡом, тема хаданы имоуп.

"Сара исгәаԥхоит аҿар аԥсыуала, аиҳаби-аиҵби еиламырҩашьакәа ахымҩаԥгашьа ианақәшәо. Абас еиԥш аԥсуа нхашьа-нҵышьа ӡырызго акы уанаҿу еиҳагьы аԥсуара уазааигәанатәуеит, иара уахәҭакхоит. Сҩызцәа рхыԥхьаӡараҿгьы имаҷым аҟазара знапы алаку. Дареи сареи лассы-лассы ҳаибабалоит, еимаҳдоит макьаназы имаҷу ҳԥышәа. Ҳаԥхьаҟа уи аԥышәа еиҳа-еиҳа иазҳалап ҳәа сгәыӷуеит", - иҳәеит иара.

Ҳцамҭазы сылаԥш ақәшәеит акәакьахьшәа аҭӡамц икыдыз аҳаҭыртә бӷьыц. Аха уи рацәак ҵакы амаӡам. Зегьы ирыцкуп арҭ ауадақәа рҿы еиԥҟьарада ицо аусура.

© Sputnik / Илона ХварцкияАслан Кәыркәнаа иҟаиҵаз аԥацха
Асахьаҭыхыҩ-ауасҭа: Аслан Кәыркәнаа иҟазаратә баҩхатәра аганқәа - Sputnik Аҧсны
Аслан Кәыркәнаа иҟаиҵаз аԥацха

 

Ажәабжьқәа зегьы
0