Арадио

Алхас Манаргьиа еитеиҳәеит аӡынтәи Риҵа зеиԥшроу

Арадио Sputnik Аԥсны амҩаԥгаҩ Алхас Манаргьиа иҳаҩсыз аԥсшьарамшқәа рзы адырраҭара "Авторивиера" аҭыхратә гәыԥ дацны Риҵаҟа дхалеит. Изеиԥшроузеи уаҟа аҳауатә ҭагылазаашьа, асы рацәаны ишьҭоума - абри атәы еиҭеиҳәеит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.
Sputnik

Риҵа макьана асы шьҭоуп, аха имаҷуп, ажьырныҳәа алагамҭазы иаҳа ирацәан ҳәа азгәеиҭеит Алхас Манаргьиа аиҿцәажәараҿы. Ауааԥсыра ракәзар усҟан еиԥш уажәгьы ихало ыҟоуп иҳәеит иара.   

"Ҳанхалоз амашьынақәа рацәаны асы илахеит, атрактор амҩа арыцқьара иаҿын, аха хҭыс бааԥсык ҟаланы ҳәа ҳақәымшәеит. Амашьына ласқәа аӡынтәи агьежьқәа змоу халар рылшоит, аха иҟоуп измамкәа ихаларц иаԥшьызгогьы, агәаҭаратә ҭыԥ аҿы амц ҳәаны ихало, убарҭ роуп нас асы илахогьы. Ханыҟаз аамҭазы ирацәаҩын ҳтәыла сасцәаны иаҭааны Риҵа збарц ихалаз, аха урҭ иаҳа асаҿы аныҟәара аԥышәа рымоуп, иаҳа еиқәшәоуп. Ирацәаҩуп Риҵа ихало аҭыԥантәи ауааԥсыра рҟынтәгьы, ахәыҷқәа асы ддырбарцаз, идыргәырӷьарцаз", - ҳәа азгәеиҭеит Манаргьиа.  

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.