"Анатоли Акшба иԥсҭазаара дахьылҵыз амедицинатә усзуҩцәа ҳзы цәыӡ дууп. Иара аџьабаа ду ибахьан ҳтәыла агәабзиарахьчараҿы. Иусура хациркит Џьгьарда ақыҭан, нас Аҟәа ақалақьтә хәышәтәырҭаҿы иациҵеит. Аибашьра ашьҭахь агәабзиарахьчара аминистр иҳаҭыԥуаҩс аусура далагеит. Аԥышәа бзиа змаз ҳақьымын, иара дахьыҟазалакгьы ауаҩра ицын, ауаҩы дизыӡырҩуан, зхатә гәаанагара змаз дреиуан, уи ахьчарагьы илшон. Мыцхәы даҽамԥакәа иахәҭаз амҩахь ухьаирԥшуан. Иҿуҵааша рацәан, аҩызараҿы дԥышәан", - хәа азгәеиҭеит Гәыргәлиа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.