Порошенко иҳәеит украинатәи аӷбақәа Керчтәи аӡыбжьахалала аныҟәара мап шацәырымкуа

Украина ахада Пиотр Порошенко аҳәамҭа ҟаиҵеит Киев мап шацәнамкуа Керчтәи аӡыбжьалалала аӷбақәа рныҟәара.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 – Sputnik. Украина ахада Пиотр Порошенко ишьақәирӷәӷәеит Киев Керчтәи аӡыбжьахала ахархәара мап шацәнамкуа. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

Убри аан иара иҳәеит иажәақәа ҵаҵӷәыс ишрымоу ахы иақәиҭны амшын аҟны аӷбаныҟәаразы ООН аконвенциеи ҩ-ганктәи аиқәшаҳаҭрақәеи.

"Сара арыцхә шьақәыргыланы исызҳәом аха аӷбақәа аныҟәара иалагоит. Аӷбаҿ иҟазар ҟалоит ажурналистцәеи ОБСЕ аекспертцәеи", - иҳәеит Порошенко апрограмма "Свобода слова"  аефир аҟны (ателеканал ICTV).

Керчтәи аӡыбжьахалаҿ иааныркылаз амшынуаа аҿахәҿыхра мап ацәыркит

Уаанӡа Украина амилаҭтә шәарҭадареи атәылахьчареи Рхеилак амаӡаныҟәгаҩ Александр Турчинов аҳәамҭа ҟаиҵахьан Киев Керчтәи аӡыбжьахалала аныҟәара азыԥхьагәанаҭоит ҳәа.

Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра ари аҭагылазаашьа еицәазтәуа провокациоуп ҳәа ахырҳәааит.

Абҵара 25 рзы Украина арра-мшынтә ӷбақәа хԥа Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит Керчтәи аӡыбжьахалала Амшынеиқәахь рнеираан. Аӷбақәа аанкылан, амшынуаа ырбаандаҩын.