Керчтәи аӡыбжьахалаҿ иааныркылаз амшынуаа аҿахәҿыхра мап ацәыркит

© Sputnik / Алексей Филиппов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРассмотрение ходатайства следствия о продлении срока ареста украинским морякам
Рассмотрение ходатайства следствия о продлении срока ареста украинским морякам - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәынҭқарратә ҳәаа еилазгаз украинатәи амшынуаа рганахь ала Урыстәыла АШәМ азыҳәа ахәаԥшразы аӡбарҭа аилатәара мҩаԥысуеит Москва, аҩаша, ажьырныҳәа 15 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 15 — Sputnik. Абҵара 25 рзы Керчтәи аӡыбжьахалаҿ иааныркылаз Украина амшынуаа аҿахәҿыхра мап ацәыркит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Аҿахәҳәара мап ацәыркит: Богдан Головаш, Сергеи Попов, Андреи Шевченко, Владимир Терешьченко. Дара абри аумҭа ҵаҵӷәдыкит Женеватәи аконвенциа 17-тәи ахәҭаҷ ала.

Москва аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭоит украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара аацҵара - Sputnik Аҧсны
Москва аӡбарҭа иазыԥхьагәанаҭоит украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара аацҵара

Москва, Лефортовтәи аӡбарҭа украинатәи амшынуаа раанкылара аҿҳәара ацҵаразы аӡбара иарку арежим ала имҩаԥгазарц азы апрокурор иҟаиҵаз азыҳәа адгылара анаҭеит, ахара зду рыхьчацәа уи ишаҿагылозгьы.

Ашьаусҭҵаара аӡбарҭахь аҳәара ҟанаҵеит амшынуаа аҽа хымз, мшаԥымза 6 рҟынӡа иаанкылазарц. Аӡбарҭа аилатәарақәа мҩаԥысуеит азалқәа хԥа рҟны.

2018 шықәса абҵарамзазы Украина арра-мшынтә флот аӷбақәа "Бердянск", "Никополь", "Яна Капу" Урыстәыла аҳәынҭқарратә ҳәаа еиларгеит, дара мҩаԥызгоз Урыстәыла амшынеиқәатә флоти Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура аҳәаахьчаратә маҵзура рыӷбақәеи рышхәақәеи иаангыларц азы иҟарҵоз адҵа иаххәыцуамызт ҳәа. Абри ашьҭахь аӷбақәа ааныркылеит Урыстәылатәи амшынԥшаҳәаҟынӡа 20 километра рҟынӡа бжьани Ҟрымтәи ацҳа аӷбақәа ахьыҵысуа аҟынтәи 50 километра рҟынӡа набжьани.

Абри аан хҩык украинатәи амшынуаа ахәрақәа роуит. Урҭ ахәышәтәырҭаҿы ацхыраара рырҭеит.

Урыстәыла, аҳәынҭқарратә ҳәаа аилагара инамаданы ашьаус хацнаркит, аҳәарагь ҟанаҵеит ООН Ашәарҭадаратә хеилак Азовтәи амшын аҿтәи аҭагылазаашьаз ҷыдала алацәажәара мҩаԥнагарц.

Аӡбарҭа аилатәара мҩаԥыргоит х-залк рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0