Урыстәылатәи аруаа Аԥсны ашьхараҿы "аӷа идесант" ҭадырхеит

Изаамҭанытәиу атактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирылахәын зықьҩык инареиҳаны аруааи 200 цыра рҟынӡа арратә техникеи.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 5 - Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база амотохысцәа иҭадырхеит атыл аҿы итәаз "аӷа" идесант ҳәа ааицҳауеит аокруг апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафиев.

Урыстәылатәи аруаа уахынлатәи аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит

Аҽазыҟаҵарақәа рыплан инақәыршәаны агәыԥ ҷыда авертолиотқәа рыла ашьхатә полигон "Ҵабал" акомандаҟаҵаратә пункт аҿы иртәан. "Аӷа" ижәыларатә отриад  ароль нарыгӡон атактикатә гәыԥ егьи арота. "Аӷа" адиверсиа мҩаԥганы акрызҵазкуа адокументқәа иӷьычит.

Аладатәи арратә округ амотохысцәа акәылӡтәы транспартерқәа БТР-82АМ "аӷа" ижәылара ааныркылеит, ацхыраараз инеиз атанкқәа Т-72Б3 адесант ндырҵәеит.