"Акыр шықәса зхыҵуа аҷандарҵла иахьагьы еизҳауеит, иҿиоит, иара ажәла анкаԥса ааигәа-сигәа еизҳаит даҽакгьы, аха еиԥшӡам, зынӡа ааигәарагьы иҟаӡам. Сара ари аҵла баша ҵлам ҳәа сахәаԥшуеит, ԥааимбар ҵлоуп, Ҳазшаз иҵлоуп уҳәар ҟалоит. Ақыҭа иаҭаауа аԥсшьаҩцәа аҷандарҵлаҟны имааикәа ицом, амҵан рыҽҭырхуеит, иара лассы-лассы изҭаауа акәны иҟоуп. Абри аҵла ԥааимбар ҵлоуп ҳәа ирыпҳьаӡон ҳаиҳабацәагьы, иахьагьы уа амцҳәара ыҟаӡам, аиашаҳәароуп иҟоу ҳәа ирыԥхьаӡоит. Аизарақәа ахьымҩаԥааго убри аҵла ашьапаҿоуп, амцҳәаҩцәа уахь инеир русқәа еиқәшәаӡом ҳәа иԥхьаӡоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Џьениа.
Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.