Аҟәа иаадыртуеит ашхәатә спорт ашкол

Аҟәа иаадыртуа ашхәатә спорт ашкол аҿы аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыслоит ӡынгьы-ԥхынгьы.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 6– Sputnik, Бадри Есиава. 2019 шықәса, ааԥынразы Аҟәа иаадыртуеит ашхәатә спорт ашкол ҳәа Sputnik иазааицҳаит ашкол аартра зыгәҭаку аӷбаҟаҵаҩ Леонид Черқьезиа.

"Сара аханатәгьы исыгәҭакын аҿар рзы ашхәатә спорт ашкол аартра, аха ашхәақәа рзы ахыбра аҟамзаара, урҭ ргыларҭа аҭыԥ аԥшаара ауадаҩра, иара аҟәрышьгьы азымхара ирыхҟьаны иахьанӡа ус сааиуан. Уажәы сҩызцәеи сареи иҳаӡбеит ҳагәҭакы наҳагӡарц. Ашхәақәа  "Оптимист", "Кадет", "Фин" ааҳхәеит", - ҳәа еиҭеиҳәоит иара.

Аӷбаҟаҵаҩ ишиҳәо ала "Оптимист" аҩыза ашхәахкы 14 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа разыҟаҵара иазкуп, "Кадет" – ақәыԥшцәа рзы, "Фин" – адуцәа рзы.

"Кадетқәа" хәба ааҳхәеит. Урҭ ҿыцым азы уажәы реиҭашьақәыргылара ҳаҿуп. Ишахәҭоу иаҳзеиҿкаар асанаториа ПВО иахьаҵанакуа ашкол ааҳартуеит", - иҳәеит  Черқьезиа.

Ашхәатә спорт ала аҽазыҟаҵарақәа аԥхын есыҽны, асааҭ 9:00 инаркны 12:00 рзынӡа имҩаԥгахалоит, аӡын амш аҩбатәи ахәҭазы.