Арадио

Бганба: Ҭырқәтәыла инхо ҳауаажәлар ргәы иҵхоит Аԥсныҟа аара ахьырцәыуадаҩу

Аԥыза-министр Валери Бганба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит Ҭырқәтәылаҟа ицара зызкыз, уаҟа инхо аԥсуаа ргәы иҵхо азҵаарақәа ртәы.
Sputnik

"́Ҭырқәтәылаҟа сцара планла иарбаӡамызт. Ҳашьцәа аныҳәа азгәаҭаразы Аԥсны ианыҟаз (Аԥсны Аиааиреи Ахьԥшымреи аныҳәа 25 шықәса ахыҵра - аред.), аҳәынҭқарра ахада иҳәеит аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо Адаԥазар акультуратә ҩны аргылараан ахыбра ашьапы аркра ихы алаирхәырц. Еилышәкаауеит аҳәынҭқарра ахада даҽа ҳәынҭқаррак ахь ицара ҵакыс иамоу, убри аҟынтә дсыҳәеит сара ҳауаажәлар ргәаҳәара насыгӡарц.

Сҭамԥыл раԥхьа ҳнеит ҳфедерациа аҩнаҟны. 40-ҩык инареиҳаны  аҿар акәашара рҽазыҟарҵон уи аамҭазы. Иара убас ирҵоит уаҟа аԥсуа бызшәа, аԥсуара, рнапы злаку рацәоуп, угәы иаахәаратәы иҟоуп. Ҳауажәлар сышнеиз анраҳа еизеит. Дара азҵаарақәа рацәаны ирыман. Еиҳаракгьы ргәы иҵхоит Аԥсныҟа аара ахьырцәыуадаҩхаз, авиза ҩышәи ҩажәа доллар иаԥсоуп, Шәачаҟа ҳаирпланла аара ахә ҳаракуп, изылшо раасҭа излымшо еиҳауп, уи анаҩсгьы амиграциатә маҵзура уадҵаалароуп. Ус еиԥш иҟоуп Урыстәыла азакәан. Аицәажәарақәа мҩаԥаҳгар ҳҭахуп аԥсуа паспорт змоу рзы даҽакала знеишьак ҟаларц", - ҳәа азгәеиҭеит Бганба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.