Арадио

Габлиа: ашкол ахь имныҟәои аҳақьымцәа ирыдҵаалази аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еицәыхароуп

Ахьҭалалара иахҟьаны ашколқәа рахь имнеиуа аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшроу атәы арадио Sputnik аҟны еиҭеиҳәеитГәылрыпшь араион аҵара ҟәша аиҳабы  Дмитри Габлиа.
Sputnik
Габлиа: ашкол ахь имныҟәои аҳақьымцәа ирыдҵаалази аҵаҩцәа рхыԥхьаӡара еицәыхароуп

"Аҭагылазаашьа хәыҷык аҽаԥсахит, аҵарахьы имныҟәо ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара иаҳа имаҷхеит. Ари амчыбжь ашәахьа инаркны аҭагылазаашьа ҳацклаԥшуеит. Ашколқәа рнапхгаҩцәа адырра сырҭоит шаҟаҩы аҵаҩцәа  неиз, иара убас асанитартә станциа аиҳабыи сареи аимадара ҳабжьоуп, уи дацклаԥшуеит аҳақьымцәа рҟны инеиз ахәыҷқәа рхыԥхьаӡара. Аҵарахьы имныҟәои аҳақьымцәа ирыдҵаалази рхыԥхьаӡара зынӡа еиқәшәом, имаҷӡоуп аҳақьымцәа ирыдҵаалаз. Иахьатәи амш азы аҭагылазаашьа уацәшәаратәы иҟам", -  иҳәеит Габлиа.

Иара иазгәеиҭеит ашколқәа рахь ахәыҷқәа чмазаҩны инеиуазар, амедеҳәшьцәа игәаҭаны аҩныҟа рҭаацәа адырра шрырҭо, егьырҭ згәы бзиоу аҵаҩцәа рԥырхагамхартә еиԥш ҳәа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.