Двинианин Аԥсны аидарақәа транзитла ралгаразы: Аԥсназы уи цәгьаӡам

Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин ахҳәаа аиҭеит Женева, "Атауарқәа рыла ахәаахәҭра амониторингмҩаԥгареи аҳазалхратә напхгара апринцип хадақәеи рзы" аиқәшаҳаҭра алацәажәаразы  Урыстәылеи Қырҭтәылеи реилатәара.
Sputnik

АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин ахәаша, жәабран 8 рзы Sputnik аҟны имҩаԥигоз апресс-конференциаҿ иҳәеит ареспублика аҵакыра иалырго ахәаахәҭратә транзит феидарамзар шәарҭара алам ҳәа.

"Аԥсназы уи хра амоуп. Аиқәшаҳаҭра ахԥатәи аганқәа (Аԥсныи Аахыҵ Уаԥстәылеи) ирԥырхагам. Аиқәшаҳаҭраҿы излацәажәоу Қырҭтәылеи Урыстәылеи рҵакырадгьылқәа роуп. Уоуп иахьазыԥхьагәаҭоу аҳазалхратә ҭыԥқәа рыргыларагьы", - ҳәа иҳәеит иара.

Убри аан ацҳаражәҳәаҩ игәаанагарала Қырҭтәылеи Урыстәылеи рыбжьара аидарамҩангара амониторинг азура аиҿкаараҟынӡа аамҭа акыр цашт.

Даур Ақаҩба Қырҭтәыла апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ лажәақәа ахҳәаа риҭеит

Женева, жәабран 6 рзы "Атауарқәа рыла ахәаахәҭра амониторингмҩаԥгареи аҳазалхратә напхгара апринцип хадақәеи рзы" аиқәшаҳаҭра алацәажәаразы Урыстәылеи Қырҭтәылеи реилатәара мҩаԥысит.

"Ари х-ганктәи аилак раԥхьатәи аилатәароуп. Аԥсны ажәлари аҟазауааи абри аиқәшаҳаҭра аганахь ала гәынамӡара рмоуроуп избанзар ара аԥсуа тауарқәа ирылацәажәаӡам", - иҳәеит иара.

Ацҳаражәҳәаҩ иажәақәа рыла, аполитикатә ҟазшьа ахаршҭрагь ҟалом, Аԥсны иалган атранзит мҩа агаранӡа Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵароуп.

"Сара макьаназы Қырҭтәыла анапхгара усеиԥш агәҭакы рымоуп ҳәа сыздырам", - иҳәеит ацҳаражәҳәаҩ.

Урыстәыла-Қырҭтәылатәи аиқәшаҳаҭра напы аҵаҩын 2011 шықәса абҵара 9 рзы, Урыстәыла ВТО алалара ашьҭахь.

Аиқәшаҳаҭра аусура амониторинг азура швеицариатәи аилахәыра SGS иадҵан.