АҞӘА, жәабран 8 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа Аԥсны ралахәра иалнаршоит Мраҭашәаратәи атәылақәа ареспублика еиҳа инарҭбааны аӡбахә дырҳара ҳәа иҳәеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алексеи Двинианин Sputnik аҿы имҩаԥигаз апресс-конференциаҿ.
"Сара лассы-лассы азҵаара сырҭалоит – абар жәашықәса ҵуеит Аԥснытәи аделегациа аиҿцәажәарахь ицоижьҭеи, ирнаҭои ҳәа. Сара сҭак мариаӡоуп. Аԥснытәи аделегациа абарҭ аиҿцәажәарақәа ирылахәымызҭгьы Мраҭашәаратәи атәылақәа реиҳарак аӡбахәгьы рзымдыруазаарын, Аԥсны иҟоу, имҩаԥнаго аполитика атәы рмаҳацзаауан", - ҳәа иҳәеит иара.
Женеватәи жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит 2008 шықәса жьҭаарамза аахыс, Аахыҵ Уаԥстәылатәи ахҭысқәа инадыркны. Иахьазы ари аҭыԥ заҵәоуп Аԥсны, Аахыҵ Уаԥстәыла, Қырҭтәыла еиқәшәаны еицәажәар ахьрылшо. Иара иалахәуп: Урыстәыла, ЕАШ, ООН, ОБСЕ, Евроеидгыла рхаҭарнакцәа.