"Аԥсуа, мчыла збызшәа зурҵаз, имҳәар еиӷьуп, сгәаанагарала. Англыз, аиспан бызшәақәа бзианы иҵар ҟалоит. Аԥсуа бызшәа ан лкыкахш еиԥш аҩны ицәеижь ианыруа, иалаланы ицароуп. Уи ашьҭахь ашкол аҟны алитература даԥхьаны ианҭыиҵаалак, убасҟан ауп иҳараку абызшәа, адоуҳатә бызшәа анеиқәхо. Иахьа иаагозар, ажурналистцәагьы ауниверситет иалгаз рыбжьара иуԥылоит, аԥсышәала ианцәажәо иубарҭоуп мчыла иҟаҟаны аԥсшәа шыддырҵаз. Уи доуҳа аҵам, ажәақәа ыҟоуп,аха аԥсы рхам, аҳәоу аԥсы ҭаӡам, иаԥсышәаӡам. Аԥсуа, аԥсуара, Аԥсынра, ԥсы – уи доуҳауп, адоуҳа зҵам зегьы ԥсы хьшәашәоуп. Сара исзааигәоу изласыршәо акы еиуоуп абас анрасҳәо: "Аԥсшәа шәымҳәар ҳакәша-мыкәша иҟоу аԥсабара шәазеилкааӡом, агәамсам еиԥш шәканажьуеит", - ҳәа. Иара аԥсабара аанхоит ишыҟац, аха уара уканажьуеит, иаҭахым акы еиԥш наҟ уқәнажьуеит ҳәа расҳәалоит ахәыҷқәа, избанзар ҳаԥсабара ҳбызшәа аныруеит, еилнакаауа иароуп. Абас арыцҳарақәа ҳамоуп, шаҟа ишәарҭоузеи абызшәа аҭагылазаашьа. Атехника зеиԥш хкы уҭаху ыҟазар ҟалоит, аха зқьышықәсала милаҭкны ҳаиқәзырхаз ҳдоуҳа адацқәа ҳныруа ианыҟамла, зегьы башоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагба.