Арадио

Амҷба Лиудмила Логәуаԥҳа илызкны: ашәаҳәара лгәы-лыԥсы, лшьа-лда иалан

Аԥсны Жәлар рартист, аоператә шәаҳәаҩы Борис Амҷба арадио Sputnik аҟны дигәалаиршәеит "аҟармаҵыс бжьы зхоу" ҳәа ззырҳәахьаз, раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә оператә шәаҳәаҩы Лиудмила Логәуаԥҳа. Аԥсны Жәлар рартистка Лиудмила Логәуаԥҳа диижьҭеи жәабран 10 рзы 80 шықәса ҵит.
Sputnik

"Лиудмила аҭаацәара бзиа иалҵыз лакәын. Лара ашәаҳәара лгәы-лыԥсы, лшьа-лда иалан, аус ҭакԥхықәрала дазнеиуан, еснагь зхы аус адызулоз лакәын", - ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.

Иаҳа инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аҟны.

Киевтәи аҳәынҭқарратә консерваториа аушьҭымҭа Лиудмила Логәуаԥҳа 1972 шықәса инаркны Аԥсуа ҳәынҭқарратә филармониа асолитс дыҟан. Амузыкатә ҟазара еиуеиԥшым ажанрқәа рҟны здырратә ҩаӡара  ҳаракыз ашәаҳәаҩ раԥхьаӡа акәны иаԥылҵеит амилаҭтә культураҟны аопера анагӡашьа атрадициа. Лара ихадаратәу апартиақәа налыгӡон раԥхьатәи аԥсуа опера "Аламыс" аҟны, иара убас аоперақәа "Травиата", "Аҳ ииҳәаз", "Севильтәи аԥаҵасаҩы" рҟны.

Лиудмила Андреи-иԥҳа луаҭах аҟны аҟазара абзиабаҩцәа рклуб еиҿкааны илыман. Уаҟа еиқәшәон арҿиаратә интеллигенциа ахаҭарнакцәа, аоператә шәаҳәаҩы аҿарацәа мҩақәылҵон.

Лиудмила Логәуаԥҳа лыԥсҭазаара далҵит 2013 шықәса ԥхынҷкәынмзазы.