Арадио

Ҭодуа: атеатр ахь иааиуа аԥсышәала дхәыцуазароуп

Аԥсуа драматә театр ахәыҷтәы студиа "Нарҭ" ахь имҩаԥысуеит акастинг, уи рхы аладырхәыр рылшоит 10 шықәса инаркны 16 шықәса рҟынӡа зхыҵуа ахәыҷқәа, абри атәы иҳәеит астудиа анапхгаҩы Гәдиса Ҭодуа.
Sputnik

"Аабыкьа ахәыҷтәы студиа иқәнаргылаз аспекталь апремиера мҩаԥысит, уи нахыс ирацәаҩхеит аҭаацәеи ахәыҷқәеи рҟынтә астудиа ахь иааирц зҭаххаз. Убри азы иазыӡбан аҩбатәи агәыԥ аԥҵара. Ари ибзиоу хҭысуп аԥсуа театр азы, аԥсуа театр абзиабаҩцәа рзы, ҳбызшәа аҿиаразы шьаҿа дууны сахәаԥшуеит. Ахәыҷқәа ԥсышәала ицәажәоит, аха уи моу иагьхәыцуеит, уи даара ихадоуп, ахәыҷы ииҳәо аҵакы еиликаауазароуп. Раԥхьатәи акастинг иаҳнарбеит фышықәса зхыҵуа ахәыҷқәа астудиа ахь раагара шзаацәоу", - ҳәа азгәеиҭеит Ҭодуа.

Жәабранмза иалагӡаны ес-сабшала Аԥсуа драматә театр аҿы имҩаԥыслоит ахәыҷҭәы театралтә студиа "Нарҭ" ахь акастинг.  Уи рхы аладырхәар рылшоит 10 шықәса инаркны 16 шықәсанӡа зхыҵуа ахәыҷқәа.

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.