"Сара сзы зегьы иреиҳау ҳамҭоуп сыстудентцәа, аҵара иалгахьоу налаҵаны еицны иааины сыргәыдыҳәҳәаланы иансыдырныҳәала, сахьыргәалашәо ҳамҭа дууп. Аԥсҭазаара ԥхьаҟа ицоит, ахәыҷқәа ирызҳауеит, ҳара ҳашықәс иацлоит, аха макьана ҳҽаҵаҳархом. Ажәлар уанрылоу, бзиа уанырбо - уажәӡом, уқәрагьы уи аҟара иуныруам ҳәа сгәы иаанагоит. Хынҩажәеи хәба шықәса схыҵҵәҟьама, схәыцуеит, ажәлар уанрылоу уқәра ухашҭуеит", -ҳәа длафуеит аиубилиар.
Иаҳа инеиҵыху аицәажәара арадио Sputnik Аԥсны аҟны шәазыӡырҩыр шәылшоит.