Арадио

Амҷба еиҭеиҳәеит Аԥсны иалганы ирго аԥсыӡ агәаҭарақәа ишырхысуа атәы

Аҳазалхратә еилакы Аҟәатәи агәаҭаратә ҭыԥ аиҳабы Ҭемыр Амҷба арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аԥсны иалганы аӷбақәа рыла ирго аԥсыӡ агәаҭарақәа шымҩаԥысуа атәы.
Sputnik

"Агәаҭаратә усурақәа мҩаԥыргоит аҳазалхратә еилакы аусзуҩцәа, аӷба асқьала ианадгыло. Игәарҭоит аԥсыӡ ахыԥхьаӡара, ашәҟәқәа рыла ишеиқәыршәоу, анаҩс ауп амҳәыр аарханы ианаурышьҭуа, Аԥсны иалган агара азин анрымо. Аминистрцәа реилазаара ақәҵара ишаҳәо ала, Аԥсны амшынҵакыраҿы анаплакқәа ирымоуп азин акамшьиа акра, уи ҳтәыла иалган агара, егьырҭ аԥсыӡ хкқәа зегьы рыкра азин ыҟам. Ҳара иҳамаӡам иҷыдоу агәаҭаратә ҭыԥқәа, убри аҟнытә агәаҭарақәа зегьы аӷба аҩныҵҟа ауп иахьымҩаԥысуа. Уаҟа ишахәҭоу еиԥш агәаҭарақәа мҩаԥаҳгартә еиԥш алшара ыҟам, узыҩнагылаӡом, ихьшәашәароуп. Аԥсыӡ зҭоу аиашьыкқәа еихагылоуп, дара зегьы иаартны иҭоу аԥсыӡ хкы аилкааразы алшара ҳамам", - ҳәа азгәеиҭеит Амҷба.       

Инеиҵыху аицәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.